АЗҴААРА 8
Ихароума Анцәа ауаа ахьгәаҟуа?
«Анцәа ацәгьара изыҟаҵаӡом, Зегьзымчу ииашамкәа ихы мҩаԥигаӡом!»
(Иов 34:10).
«Аӡәы аԥышәара данақәшәо, Анцәа сԥишәоит ҳәа имҳәааит, избанзар Анцәа ацәгьарала дузԥышәаӡом, иаргьы ацәгьара дақәыршәаны аӡәгьы дԥишәаӡом»
(Иаков 1:13).
«Шәгәы иҵхо зегь инапы ианышәҵа, избанзар иара хьаас шәимоуп»
(1 Пиотр 5:7).
«Шьоукы Иегова иажәа анагӡара дахыццакӡом ҳәа рыԥхьаӡоит, аха уи ус акәӡам. Иара шәара шәахь ачҳара ааирԥшуеит, избанзар аӡә дҭахар иҭахӡам, зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху»
(2 Пиотр 3:9).