Аатра 21:1—27

  • Ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци (1—8)

    • Аԥсра уаҳа иҟаӡам (4)

    • Зегь ҿыцны ишоуп (5)

  • Иерусалим ҿыц зеиԥшроу (9—27)

21  Сара избеит ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци. Уаанӡатәи ажәҩани адгьыли ықәӡааит, амшынгьы уаҳа иҟамызт. 2  Иара убас избеит ажәҩан аҟынтә, Анцәа иҟынтә, илбаауаз иԥшьоу ақалақь — Иерусалим ҿыц. Уи зхаҵа иԥылара иазхиоу аҭаца леиԥш иԥшӡаӡа еибыҭан. 3  Сара исаҳаит аҳ итәарҭа аҟынтә иааҩуаз быжь дук абас шаҳәаз: «Анцәа иқьала ауаа рыгәҭа игылоуп, иаргьы урҭ дрыцынхалоит, дара ижәлар ракәхоит, иаргьы урҭ дрыцзаауеит. 4  Анцәа урҭ рылаӷырӡқәа ирыцқьоит, уаҳа иҟалаӡом аԥсра, агәырҩа, аҵәыуара, ахьаагьы уаҳа иҟалаӡом, уаанӡа иҟаз ықәӡаа ицеит». 5  Аҳ итәарҭаҿы итәаз ус иҳәеит: «Абар, сара зегь ҿыцны исшоит!» Нас иациҵеит: «Ианҵа, избанзар арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп». 6  Иара ус сеиҳәеит: «Арҭ ажәақәа наӡеит! Сара Альфеи Омегеи соуп, алагамҭеи анҵәамҭеи. Аӡба иакуа зегьы аԥсҭазаара аӡы ахьыҵыҵуа аҟынтә хәыда-ԥсада аӡы рысҭоит. 7  Аиааира зго абри зегь иоуеит, сара Инцәа сакәхоит, иара сыҷкәын иакәхоит. 8  Ашәаргәындақәа, ахаҵара змам, угәы зырхынҳәуа аус ҟьашьқәа ҟазҵо, ауаа зшьуа, аламысдақәа*, аспиритизм* знапы алаку, аидолқәа ирымҵахырхәо, амцҳәаҩцәа — зегьы мцалеи тыҩшалеи еилабылуа аӡиа иалажьхоит. Уи аҩбатәи аԥсроуп». 9  Аҵыхәтәантәи быжь-рыцҳарак рыла иҭәыз быжь-гәыблаак зкыз быжьҩык амаалықьцәа руаӡәк дааин, ус сеиҳәеит: «Уаала, сара Асыс ԥҳәысс иагараны иҟоу аҭаца дусырбоит». 10  Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иара иҳаракыз ашьха ду ахь снеиган, ажәҩан аҟынтә, Анцәа иҟынтә, илбаауаз иԥшьоу ақалақь Иерусалим сирбеит. 11  Уи Анцәа ихьӡ-иԥша аманы илашон, насгьы асаркьа еиԥш и́цырцыруа аиашма иеиԥшу зыхә ҳараку ахаҳә еиԥш еилаарцыруан. 12  Уи ақалақь аҭӡамц ӷәӷәан, иҳаракын, 12 гәашә аман. Урҭ агәашәқәа рҿы 12-ҩык амаалықьцәа гылан. Агәашәқәа рҿы израильтәи 12 биԥара рыхьӡқәа анын. 13  Х-гәашәк мрагыларатәи аганахь ала иҿан, х-гәашәк аҩадатәи аганахь ала иҿан, х-гәашәк аладатәи аганахь ала иҿан, х-гәашәк мраҭашәаратәи аганахь ала иҿан. 14  Аҭӡамц ашьаҭаҿы 12 хаҳә шьҭан. Урҭ 12 хьӡы рнын — Асыс апостолцәа рыхьӡқәа. 15  Исацәажәоз ақалақьи, агәашәқәеи, аҭӡамци ишәарц азы ахьы иалхыз ашәагатә лаба икын. 16  Ақалақь ԥшь-кәакьк аман, ауреи аҭбаареи еиҟаран. Иара ашәагатә лабала ақалақь анишәа, 12 000 стади* ҟалеит. Ауреи, аҭбаареи, аҳаракыреи еиҟаран. 17  Амаалықь аҭӡамцгьы анишәа, 144 мышьхәылҵ* ҟалеит. Иара ауаа рхы иадырхәо ашәага-зага акәын ихы иаирхәоз. 18  Ақалақь аҭӡамц аиашма иалхын, ақалақь ахаҭа асаркьа еиԥш ицқьаз ахьы иалхын. 19  Аҭӡамц ашьаҭа зыхә ҳараку еиуеиԥшым ахаҳәқәа рыла ирԥшӡан. Ашьаҭаҿы ишьҭаз актәи ахаҳә аиашма акәын, аҩбатәи — асапфир, ахԥатәи — ахалцедон, аԥшьбатәи — аизумруд, 20  ахәбатәи — асардоникс, афбатәи — асердолик, абыжьбатәи — ахрезолит, аабатәи — аберилл, ажәбатәи — атопаз, ажәабатәи — ахризопраз, ажәеизатәи — агиацинт, ажәаҩатәи — аметист. 21  12 гәашә — 12 бырлашын. Агәашәқәа зегьы бырлашк-бырлашк ирылхын. Ақалақь амҩаду асаркьа еиԥш ицқьаз ахьы иалхын. 22  Сара ақалақь аҿы аныҳәарҭа сымбаӡеит, уа ныҳәарҭас иҟоу Зегьзымчу Анцәа Иеговеи* Асыси роуп. 23  Ақалақь амреи амзеи рылашара аҭахӡамызт, избанзар уи Анцәа ихьӡ-иԥша иарлашон, лашарбагасгьы иҟаз Асыс акәын. 24  Уи ақалақь алашара ажәларқәа рымҩа арлашалоит, адгьыл аҳцәагьы уи ақалақь ҳарарклоит. 25  Ақалақь агәашәқәа ҽынла иадырклаӡом, аҵх акәзар, уи уа зынӡа иҟалаӡом. 26  Адгьыл аҳцәа уи ақалақь ахь ажәларқәа рыхьӡ-рыԥша наргоит. 27  Уахь ицқьам, иҟьашьу ҳәа акгьы нанагаӡом, амц зҳәо, аус хәымгақәа ҟазҵо уахь изнеиӡом. Инеиуа Асыс иатәу аԥсҭазаара ашәҟәы иану заҵәык роуп.

Албаагақәа

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Шәахәаԥш Ажәар.
2 220 километра. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
64 м раҟара. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.