Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 2:1—25
2 Ҩымш рышьҭахь галилеиатәи Ка́на ачара ыҟан. Иисус иангьы уа дыҟан.
2 Иисусгьы иҵаҩцәагьы уи ачара раҳәан.
3 Аҩы анҵәара ианалага, Иисус иан ус иалҳәеит: «Рҩы нҵәеит».
4 Аха Иисус ус леиҳәеит: «Аԥҳәыс*, бареи сареи уи хьаас изҳамазар акәзеи? Саамҭа макьана имааиӡацт».
5 Лара амаҵуцәа ус ралҳәеит: «Ишәеиҳәо зегь ҟашәҵа».
6 Аҽрыцқьара иадҳәалоу аиудеиаа рыԥҟарақәа инарықәыршәаны, уа аӡы зҭарҭәоз ахаҳә иалхыз ф-ҳаԥшьак гылан, рыцыԥхьаӡа 44 литра ма 66 литра раҟара ркуан*.
7 Иисус амаҵуцәа ус реиҳәеит: «Аҳаԥшьақәа аӡы рҭашәҭәа». Даргьы урҭ хыхәхәо идырҭәит.
8 Нас ус реиҳәеит: «Уажәшьҭа маҷк ахыхны, ачара ахылаԥшҩы изнажәг». Убас иагьыҟарҵеит.
9 Ачара ахылаԥшҩы аҩы злырхыз аӡы агьама аниба (иара аҩы ахьынтәиааргаз издырӡомызт, уи здыруаз аӡы ҭазҭәаз амаҵуцәа ракәын), ԥҳәыс даазгаз диԥхьан,
10 ус иеиҳәеит: «Раԥхьа асасцәа аҩы бзиа ауп ирзықәдыргыло, рқьаф анҭарҵалак, еицәоу рзықәдыргылоит. Зегь ус ауп ишыҟарҵо. Уара уакәзар, аҩы бзиа уажәоуп ианцәыруго».
11 Убас галилеиатәи Ка́на Иисус раԥхьатәи иџьашьахәы ҟаиҵеит. Убасала имаз амч ааирԥшит, иҵаҩцәагьы игәра ргеит.
12 Уи ашьҭахь Иисуси, иани, иашьцәеи, иҵаҩцәеи Капернау́мҟа ицеит, аха уа акыраамҭа инымхаӡеит.
13 Аиудеиаа иазгәарҭоз Мшаԥныҳәа ааигәахон, убри аҟынтә Иисус Иерусалимҟа дцеит.
14 Аныҳәарҭаҿы иара ибеит ацәқәеи, ауасақәеи, аҳәыҳәқәеи зҭиуаз, иара убас аԥара зыԥсахуаз ауаа.
15 Усҟан ашаха иалхны аҟамчы ҟаиҵан, ауасақәагьы, ацәқәагьы, урҭ зҭиуазгьы аныҳәарҭа идәылицеит, насгьы аԥара зыԥсахуаз рԥарақәа каиԥсеит, рыстолқәа ааирҳәит.
16 Нас аҳәыҳәқәа зҭиуаз ус реиҳәеит: «Наҟ иқәыжәга ари! Саб иҩны ахәаахәҭратә ҩны* алышәхит!»
17 Усҟан иҵаҩцәа иргәалашәеит Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: «Уҩны бзиа избоит*. Уи абзиабара сгәаҿы амца еиԥш еибакуп».
18 Усҟан аиудеиаа ус иарҳәеит: «Абас аҟаҵара азин шумоу шьақәурӷәӷәарц азы дыргак ҳарба».
19 Иисус ус реиҳәеит: «Ишәырбга ари аныҳәарҭа, сара хымш рыла уи еиҭашьақәсыргылоит».
20 Усҟан аиудеиаа иҿагылан, ус иарҳәеит: «Ари аныҳәарҭа 46 шықәса аргылара иаҿын, уара хымш рыла еиҭашьақәургылома?»
21 Иисус аныҳәарҭа ҳәа зыӡбахә имаз ицәеижь акәын.
22 Иисус иԥсы анҭала, иҵаҩцәа ииҳәаз урҭ ажәақәа ргәалашәеит, усҟан Аҩыра ианызгьы, иара ииҳәозгьы агәра ргеит.
23 Иисус Мшаԥныҳәазы Иерусалим даныҟаз, имаҷҩымкәа ауаа игәра ргеит*, избанзар иҟаиҵоз аџьашьахәқәа* рбеит.
24 Аха Иисус урҭ аҵыхәтәанынӡа рыгәра игаӡомызт, избанзар ибзианы идыруан,
25 насгьы абри ауаҩ абас дыҟоуп ҳәа иазҳәашаз аӡәгьы диҭахӡамызт, избанзар ихаҭа зегьы ргәаҭа ибон.
Албаагақәа
^ «Аԥҳәыс» ҳәа анырҳәоз, уи аԥҳәыс лыпату ланарҟәӡомызт.
^ Ма «аџьармыкьа».
^ Ма «сахыбаауеит».
^ Ма «ихьӡ агәра ргеит».
^ Ма «адыргақәа».