Лука иҟынтә ажәабжь бзиа 4:1—44

  • Аџьныш Иисус дԥишәоит (1—13)

  • Иисус Галилеиа Анцәа иажәа аҳәара далагоит (14, 15)

  • Иисус Назарет дрыдыркылаӡом (16—30)

  • Капернаумтәи асинагогаҿы (31—37)

  • Иисус Симон ианхәеи егьырҭ ауааи ихәышәтәуеит (38—41)

  • Ажәлар Иисус дахьыҟаз рыԥшааит (42—44)

4  Уи ашьҭахь Анцәа Иисус иԥшьоу адоуҳа ииҭеит. Уи адоуҳа Иисус аӡиас Иордан аҟынтә ацәҳәырахь дагеит. 2  Иара уа 40 мшы дыҟан. Урҭ амшқәа рыҩныҵҟа Иисус акрифаӡомызт, убри аҟынтә иӷәӷәаны амла дакит. Усҟан Аџьныш Иисус дԥишәарц иӡбеит. 3  Иара иҳәеит: «Анцәа уиԥазар, абри ахаҳә ача алх». 4  Аха Иисус иҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Ауаҩы иԥсы злаҭоу ача мацарала акәӡам“». 5  Усҟан Аџьныш Иисус ашьхахь дхеигалан, еимгеимцарак иалагӡаны адунеи аҳрақәа зегь иирбан, 6  ус иҳәеит: «Абарҭ аҳрақәа зегьы уара урхасыргылоит, рыхьӡ-рыԥшагьы усҭоит, избанзар урҭ зегьы сара соуп изтәу, изысҭахугьы исҭоит. 7  Абри зегьы уара иутәхоит, ушьамхышгыланы знык усеихырхәар». 8  Аха Иисус иҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Шәынцәа Иегова* шәимҵахырхәала, иара заҵәык имаҵ жәула“». 9  Анаҩс Аџьныш Иисус Иерусалимҟа дганы, аныҳәарҭа аҭӡамц ахықәцә дықәиргылан, ус иеиҳәеит: «Анцәа уиԥазар, абрантәи уԥа, 10  иаными: „Иара имаалықьцәа уцхраарц адҵа риҭоит“, 11  „урҭ рнапы уқәыргыланы ургоит, ушьапы ахаҳә ианымҟьарц азы“». 12  Аха Иисус иҳәеит: «Аҩыраҿы иануп: „Шәынцәа Иегова дԥышәымшәалан“». 13  Усҟан Аҩсҭаа Иисус иԥышәара даҟәыҵын, иманшәалоу даҽа аамҭак иоуаанӡа, диԥырҵны дцеит. 14  Иисус Галилеиаҟа дхынҳәит. Иара Анцәа идоуҳа иман. Иӡбахә Галилеиа зегь иахыҵәеит, избанзар уи аҭыԥ аҿы инхоз зегьы иӡбахә бзианы ирҳәон. 15  Иара асинагогақәа рҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон. Зегьы ибзианы ихцәажәон. 16  Анаҩс иахьизҳаз ақалақь Назаретҟа дцеит. Абжьааԥны ишыҟаиҵалоз еиԥш, асабшаҽны асинагогахь днеит. Аҩыра даԥхьарц азы дангыла, 17  аԥааимбар Иса́иа ишәҟәеикәарҳә идыркит. Иара абарҭ ажәақәа ахьаныз иԥшааит: 18  «Сара Иегова идоуҳа сымоуп, избанзар иара салихит*, иӷару ауаа ажәабжь бзиа рыласҳәарц азы. Иара сааишьҭит, итҟәаны иҟоу ахақәиҭра шроуа рыласҳәарц, зыла иамбо рыла иабо ишыҟало расҳәарц, игәаҟуа ахақәиҭра рысҭарц, 19  Иегова данырзылԥхо аамҭа шааиз рыласҳәарц». 20  Анаҩс ашәҟәы еикәарҳәны амаҵзуҩы ииҭан, днатәеит. Асинагогаҿы иҟаз зегьы рылақәа еихмырсыӷьӡакәа иара ихәаԥшуан. 21  Иисус иҳәеит: «Иахьа инаӡеит ишәаҳаз Аҩыра иану абарҭ ажәақәа». 22  Зегьы иӡбахә бзианы ирҳәо иалагеит. Шаҟа ихааны дцәажәоз уамашәа ирбон, насгьы ирҳәон: «Ари Иосиф иԥа иакәӡами?» 23  Иара иҳәеит: «Сара издыруеит абри ажәаԥҟа шысзышәкуа: „Аҳақьым, ухаҭа ухы хәышәтәы“, иагьшышәҳәо: „Ҳара иҳаҳаит Капернау́м иҟауҵаз. Ара, уахьааӡаз аҭыԥ аҿгьы, уи аҩыза ҟаҵа“». 24  Анаҩс иациҵеит: «Аиаша шәасҳәоит, аԥааимбар иԥсадгьыл аҿы ҳаҭыр иқәӡам. 25  Аиаша шәасҳәоит: Илиа ихаан хышықәсеи бжаки ақәа ахьамуаз азы зехьынџьара амлакра ӷәӷәа аныҟаз, израильтәи адгьыл аҿы имаҷҩымкәа аҳәсеибацәа ыҟан. 26  Аха Анцәа Илиа урҭ рахь димышьҭӡеит, сидонтәи ақалақь Саре́пта инхоз аԥҳәысеиба лахь ауп дахьишьҭыз. 27  Аԥааимбар Елисеи ихаангьы израильтәи адгьыл аҿы ацәеилабаара змаз рацәаҩын, аха Сириа инхоз Неема́н ида аӡәымзар-аӡәгьы димхәышәтәӡеит». 28  Асинагогаҿы иҟаз зегьы ари анраҳа, рыԥсахы еибакын, 29  иҩаҵҟьан, Иисус ақалақь далганы, ақалақь зықәгылаз ашьха аҿҟьарсҭахь днаргеит, далырбганы дкарыжьырц азы. 30  Аха иара ажәлар иҽрылаирӡын, дрылҵны дцеит. 31  Уи ашьҭахь Иисус галилеиатәи ақалақь Капернау́мҟа дцеит. Сабшала уа ауаа Анцәа иажәа дирҵон. 32  Изыӡырҩуаз зегьы ишыдирҵоз џьаршьон, избанзар иара Анцәа иҟынтә амчра змаз аӡә иеиԥш идирҵон. 33  Асинагогаҿы дыҟан ицқьам адоуҳа — адемон — дызхаԥаны иҟаз ауаҩы. Иара дыҳәҳәо ҿааиҭит: 34  «Назареттәи Иисус, иуҭахузеи ҳара ҳҟынтә? Ҳақәугарц азы аума узааз? Сара издыруеит узусҭоу — уара Анцәа иааишьҭыз иԥшьоу имаҵзуҩ уоуп». 35  Аха Иисус диқәымчны иеиҳәеит: «Убжьы мыргакәа, абыржәыҵәҟьа уилҵ». Усҟан адемон зегьы ишырбоз уи ауаҩ дкаижьын, акгьы изымуӡакәа дилҵны дцеит. 36  Уи збаз зегьы даараӡа иџьаршьан, ус еибырҳәо иалагеит: «Иажәақәа шаҟа амч рымоу жәбама?! Адемонцәагьы* ииҳәо ҟарҵоит, изыӡырҩны ауаа ирылҵуеит!» 37  Иисус иӡбахә уи аҭыԥ зегь иахыҵәеит. 38  Асинагога дандәылҵ, Иисус Си́мон иахь дцеит. Си́мон ианхәа амцашоура лыман азы, Иисус дихәышәтәырц и́ҳәеит. 39  Иисус ачымазаҩ дналыдгылан, дихәышәтәит. Лымцашоура антәа, иаразнак дҩагылан, асасцәа рхәы аҟаҵара далагеит. 40  Амра аҭашәамҭазы еиуеиԥшым ачымазарақәа змаз зегьы Иисус иахь инаргеит. Иара аӡәаӡәала зегьы дрылакьысуа ихәышәтәит, 41  адемонцәа зхицаз ауаагьы маҷмызт. Ауаа ианырхыҵуаз, дара ҳәҳәо абас рҳәон: «Уара Анцәа Иԥа уоуп». Аха Иисус урҭ иӡбахә рҳәар иуамызт, избанзар дара ирдыруан иара Христос шиакәыз. 42  Ашамҭазы Иисус уи аҭыԥ ааныжьны, аӡәгьы дахьиԥырхагамхоз аҭыԥ ахь дцеит. Ажәлар ишьҭалан, уеизгьы дахьыҟаз рыԥшааит, иоушьҭрагьы рҭахӡамызт. 43  Аха Иисус ус реиҳәеит: «Сара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы ауаа ирыласҳәароуп, уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз». 44  Анаҩс иара Иудеиа иҟаз асинагогақәа рахь дцеит, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәарц азы.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша схьишьит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәагьы».