Марк иҟынтә ажәабжь бзиа 6:1—56
6 Уантәи Иисус иахьизҳаз аҭыԥқәа рахь дцеит, иҵаҩцәагьы ишьҭаланы ицеит.
2 Асабшаҽны иара асинагогаҿы ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. Изыӡырҩуаз рҟынтә иџьашьаны абас зҳәоз рацәаҩын: «Иабантәидыруеи абри зегьы? Изҭада абри аҩыза аҟәыӷара? Аџьашьахәқәа рыҟаҵара илшартә еиԥш амч изҭада?
3 Дуасҭаӡами? Мариа лԥа иакәӡами? Иашьцәа Иакови, Иосифи, Иудеи, Си́мони ракәӡами? Иаҳәшьцәагьы иҳаланхо ракәӡами?» Дара Иисус игәра рымгаӡеит.
4 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Аԥааимбар зехьынџьара ҳаҭыр иқәырҵоит, дахьааӡаз ақалақьи, иҭынхацәеи, иҩнаҭеи рыда».
5 Уа иара шьоукы инапқәа рықәҵаны ихәышәтәит ада, даҽа џьашьахәык ҟаимҵаӡеит.
6 Урҭ ахаҵара ахьрымамыз Иисус даараӡа иџьеишьеит. Нас ааигәа-сигәа ишьҭаз ақыҭақәа рахь дцан, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит.
7 Иисус 12-ҩык иҵаҩцәа даарыԥхьан, ҩыџьа-ҩыџьала рышьҭра далагеит, ауаа адемонцәа* рхырцаларц азгьы амч риҭеит.
8 Амҩа ианықәло, алабашьа ада акгьы шьҭырымхырц реиҳәеит, чоума, амҩаныфа зҭарҵо макәанума, ԥароума* — акгьы шьҭырымхырц,
9 ирышьоу аимааи иршәу амаҭәеи ада уаҳа акгьы рымгарц.
10 Нас иҳәеит: «Шәахьрыдыркыло аҩны зеиԥшразаалакгьы, уи аҭыԥ аҟынтә шәцаанӡа уа шәыҟаз.
11 Џьара шәрыдрымкылар, ишәҳәо азыӡырҩрагьы рҭахымхар, уантәи шәанцо, шәшьапқәа ршәшәаны, асаба рықәышәх*, убасала ргәышырҽанышәҵаз дшәырбоит».
12 Апостолцәагьы дәықәлан, ауаа шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы ҳәа раҳәо, ажәабжь бзиа рылаҳәара иалагеит.
13 Дара ауаа имаҷымкәа адемонцәа рылырцеит, имаҷҩымкәа ачымазцәа ахәша рыхьшьны ирхәышәтәит.
14 Уи атәы аҳ Ирод* иаҳаит, избанзар Иисус иӡбахә зехьынџьара инеит. Ауаа ирҳәон: «Ари зыԥсы ҭалаз Иоанн Аӡӡаахҩы иоуп, убри азоуп абарҭ рҩызцәа аџьашьахәқәа рыҟаҵара зилшо».
15 Егьырҭ — «ари Илиа иоуп» рҳәон, даҽа шьоукы — «ари ажәытәан иҟаз аԥааимбарцәа иреиԥшу аӡә иоуп» рҳәон.
16 Ирод ари аниаҳа, ус иҳәеит: «Зхы хысҵәаз Иоанн иԥсы ҭалеит».
17 Ирод Иродиа́да ԥҳәысс диман. Лара уаанӡа иашьа Филипп иԥҳәыс лакәын. Уи илыхҟьаны Ирод ауаа шьҭны, Иоанн зынџьырла* дҿаҳәаны, абахҭа дҭеикхьан,
18 избанзар Иоанн Ирод ус иеиҳәон: «Уашьа иԥҳәыс ԥҳәысс лгара азин умаӡам».
19 Иродиа́да Иоанн игәаӷ лыман, дылшьырцгьы лҭахын, аха длызшьӡомызт,
20 избанзар Ирод Иоанн дицәшәон. Иара идыруан Иоанн дышуаҩ иашаз, дышуаҩы ԥшьаз, убри азы ак изырур иуӡомызт. Ирод Иоанн изыӡырҩра бзиа ибон, ииҳәоз иҟаиҵара изымдыруа дшықәнархозгьы.
21 Ирод имшира аназгәеиҭоз, Иродиа́да лыгәҭакы анагӡаразы алшара лоуит. Уи аҽны Ирод ачынуааи, аруаа реиҳабацәеи, Галилеиа иҟаз егьырҭ ауаа дуқәеи акрыфара-акрыжәра азы еизигеит.
22 Иродиа́да лыԥҳа Ирод иҿаԥхьеи асасцәа рҿаԥхьеи дкәашон. Дара лыкәашашьа даараӡа иргәаԥхеит, убри азы аҳ аӡӷаб ус леиҳәеит: «Бгәы иааҭаху ҳәа. Ибҭаху зегь бысҭоит».
23 Иара дқәит: «Иаабҭаху ҳәа, акгьы сеигӡом, саҳра абжа баҳәаргьы».
24 Лара лан лахь дцан: «Исҳәари, сзызиҳәари?» — ҳәа длазҵааит. Лан ус лҳәеит: «Иоанн Аӡӡаахҩы ихы баҳәа».
25 Ларгьы ашырҳәа аҳ иахь дцан, абас иалҳәеит: «Сара исҭахуп абыржәыҵәҟьа Иоанн Аӡӡаахҩы ихы асаан ианҵаны исзааугарц».
26 Аҳ иаҳаз даараӡа игәы инархьит, аха асасцәа рҿаԥхьа дықәхьан азы, мап лцәикыр иҭахымхеит,
27 убри аҟынтә иаразнак ахьчаҩ Иоанн ихы хҵәаны изааигарц дишьҭит. Ахьчаҩ абахҭахь дцан, Иоанн ихы хҵәаны,
28 асаан ианҵаны иааигеит. Нас аӡӷаб илиҭеит, аӡӷаб лан илылҭеит.
29 Иоанн иҵаҩцәа ари анраҳа, иаан, аԥсы дганы адамра дҭарҵеит.
30 Апостолцәа Иисус иахь ианыхынҳә, иҟарҵоз, насгьы ауаа иддырҵоз зегь изеиҭарҳәеит.
31 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәааи уаҩ дахьыҟам аҭыԥ ахь ҳцап, маҷк шәыԥсы шәшьарц азы». Ицоз-иаауаз рацәаҩын азоуп ус зиҳәаз, акрыфахаҵәҟьагьы рымамызт.
32 Нас анышь иақәтәан, аӡәгьы дахьыҟам аҭыԥ ахь рҿынархеит.
33 Аха ауаа ирбеит урҭ аӡы ишхылаз, уи заҳазгьы рацәаҩхеит, убри аҟынтә ақалақьқәа зегь рҟынтә ауаа ыҩуа уахь ицеит, Иисуси апостолцәеи уахь инеиаанӡагьы дара уахь инеихьан.
34 Иисус анышь данақәҵ, ауаа рацәа ибеит, иагьрыцҳаишьеит, избанзар ахьча дызмамыз ауасақәа иреиԥшын. Иара урҭ акыр дырҵара далагеит.
35 Ахәлара ианалага, иҵаҩцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Ари аҭыԥ аҿы уаҩ дынхом, аамҭагьы акыр инеихьеит.
36 Ажәлар наҟ ишьҭы, ааигәа ишьҭоу ақыҭақәа рахь ицаны, ирфаша аархәарц азы».
37 Иара иҳәеит: «Ирфаша шәара ирышәҭ». Дара ус иарҳәеит: «Ҳцаны, 200 динар* рыхә ача аахәаны, жәларык ауаа ираҳҭарц аума иуҭаху?»
38 Иара ус реиҳәеит: «Шәцаны, шаҟа ча шәымоу гәашәҭ». Иангәарҭа, ус рҳәеит: «Хә-чаки ҩ-ԥсыӡки ыҟоуп».
39 Усҟан иара ажәлар гәыԥ-гәыԥла рҽеиҩшаны, ашьац илатәарц реиҳәеит.
40 Ажәларгьы 100-100-ҩылеи 50-50-ҩылеи рҽеиҩыршан, инатәеит.
41 Иисус хә-чаки ҩ-ԥсыӡки аашьҭихын, ажәҩан днаҵаԥшны Анцәа диҳәеит*, нас ача ааԥиҽын, иҵаҩцәа рыҭара далагеит, ауаа ирзыршарц азы. Убасҵәҟьа ҩ-ԥсыӡкгьы зегьы ирзишеит.
42 Зегьы рызхара рфеит.
43 Иаанхаз ача анеизырга, 12 каҵкәыр ҟалеит, аԥсыӡ аламҵаӡакәа.
44 Ача зфаз 5 000-ҩык ахацәа ыҟан.
45 Уи ашьҭахь аамҭа мгакәа, Иисус иҵаҩцәа анышь иақәтәаны, нырцәҟа, Вифсаи́да аганахь, ицарц реиҳәеит. Иара ихаҭа ажәлар наскьеигарц даангылеит.
46 Ианынаскьеига ашьҭахь, Анцәа диҳәарц ашьхарахь дхалеит.
47 Ахәлара ианалага анышь амшын агәахьы инеихьан, Иисус иакәзар, ихала уа дахьыҟаз дыҟан.
48 Ашара иалагаанӡа*, Иисус ибеит аԥша цәгьа ахьышьҭыҵыз иахҟьаны иҵаҩцәа анышь ажәҩақәа аарлаҳәа ишрыҵыршьуаз, убри азы аӡы дықәгыланы иҵаҩцәа рахь иҿынеихеит, аха драҩсны дцарц иҭахызшәа акәын дышцоз.
49 Иисус иҵаҩцәа аӡы иқәгыланы иаауаз ауаҩы игага анырба: «Лаԥшҵашәароума?! Иаауа закәызеи?!» — рҳәан, еибарҳәҳәеит,
50 избанзар данырба, ишәеит. Аха иара иаразнак ирықәҿиҭын, ус иҳәеит: «Шәымшәан! Сара соуп».
51 Иисус аҵаҩцәа зықәтәаз анышь дақәтәеит, данақәтәа, аԥшагьы ааиқәтәеит. Аҵаҩцәа шанханы иҟан,
52 избанзар џьашьахәыла ача иазиуз ҵакыс иамаз рзеилымкааӡеит, рыхшыҩ макьана иаркын.
53 Геннисаре́ттәи аԥшаҳәаҿы ианнеи, аԥырсал ларышьҭын, иӡхыҵит.
54 Аха анышь ишаақәҵыз еиԥшҵәҟьа ауаа Иисус дырдырит.
55 Дара ыҩуа урҭ аҭыԥқәа ирылсын, ачымазцәа асакаса ианҵаны, Иисус иахь иаарго иалагеит.
56 Қалақьума, қыҭоума, Иисус дахьнеилакгьы, ауаа рчымазцәа аџьармыкьахь инаргон, дара иҳәон ма имаҭәа акалҭ иалаиркьысырц, иалакьысуазгьы зегь бзиахон.
Албаагақәа
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абҩа аума».
^ Убасала иаадырԥшуан уаҳа аҭакԥхықәра шрыдмыз.
^ Аиха иалху аҿаҳәага.
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иныҳәеит».
^ Уахынла асааҭ 3 раҟара инаркны, ашьыжь асааҭ 6 раҟара аҟынӡа.