Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 15:1—39

  • Ауаа ирхәыцыз аҵасқәа (1—9)

  • Ауаҩы дызҟьашьуа игәы аҟынтә иаауа ауп (10—20)

  • Финикиатәи аԥҳәыс лхаҵара ӷәӷәа (21—28)

  • Иисус еиуеиԥшым ачымазарақәа змаз ауаа ихәышәтәуеит (29—31)

  • Иисус 4 000-ҩык акрырҿеиҵоит (32—39)

15  Анаҩс афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи Иерусалимынтәи Иисус иахь инеин, ус иарҳәеит: 2  «Уҵаҩцәа ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҵасқәа зеиларгои? Акрыфара иантәо, рнапқәа зырмыӡәӡәои* 3  Иисус ус реиҳәеит: «Избан шәара шәабацәеи шәабдуцәеи рҵасқәа нашәыгӡаларц азы, Анцәа изакәанқәа зеилажәго? 4  Анцәа иҳәеит: „Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала“, иара убас „Зани заби зшәиуа дышьтәуп“. 5  Аха шәара ишәҳәоит: „Аӡәы иан ма иаб ,исымоу Анцәа изыскхьеит, сызшәыцхрааӡом’ ҳәа реиҳәар, 6  иани иаби имбаргьы ҟалоит“. Убас ала шәҵасқәа раҳаҭыр азы Анцәа иажәа шәаӷрагылеит. 7  Ҩ-цәак зхарԥоу шәара, аԥааимбар Иса́иа ибзиаҵәҟьаны ишәзиҳәеит абарҭ ажәақәа: 8  „Арҭ ауаа анцәажәо, ҳаҭыр сықәырҵоит, аха рыгәқәа сара исцәыхароуп. 9  Баша исымҵахырхәоит, избанзар дара ажәлар иддырҵо ауаа ирхәыцыз аҵасқәа роуп“». 10  Анаҩс ажәлар рахь ихы рханы, иҳәеит: «Шәаасзыӡырҩы, ишәасҳәогьы шәазхәыц: 11  ауаҩы дызҟьашьуа иҿы иҭало акәӡам, иҿы иҭыҵуа ауп». 12  Анаҩс Иисус иҵаҩцәа ааин, ус иарҳәеит: «Иуҳәаз афарисеицәа ргәы ишалсыз удыруоу?» 13  Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Жәҩантәи Саб еиҭеимҳаз адац ианкны иҵыххоит. 14  Шәырҟәаҵ, урҭ лашәуп, арахь егьырҭ амҩа ддырбарц иаҿуп. Аха алашә алашә днеига-ааигозар, рҩыџьагьы ажра иҭаҳауеит». 15  Усҟан Пиотр иҳәеит: «Уи аԥхьа иааугаз аҿырԥштәы иаанаго ҳзеиҭаҳәа». 16  Иисус иҳәеит: «Уажәыгьы ишәзеилымкааӡаци? 17  Ишәзымдырӡои ауаҩы иҿы иҭало имгәахь ишцо, нас уаантәи ишҭыҵуа? 18  Аха ауаҩы иҿы иҭыҵуа игәы иҭоу ауп, дызҟьашьуагьы уи ауп. 19  Агәы аҟынтә ауп иахьаауа ауаҩшьреи, ахатә ҩыза иԥсахреи, асексуалтә ламысдареи*, аӷьычреи, амцҳәареи, Анцәеи ауааи иакәым рызҳәареи рҟынӡа уназго ахәыцра цәгьақәа. 20  Абарҭ роуп ауаҩы дызҟьашьуа, инапы мыӡәӡәаӡакәа акрахьифо акәӡам». 21  Уаантәи Иисус Ти́ри Сидони рганахь дцеит. 22  Ус, финикиатәи ԥҳәыск Иисус иахь днеин, дҵәыуо иҳәара далагеит: «Исықәиҭу! Давид Иԥа! Срыцҳашьа, суҳәоит. Сыԥҳа адемон диргәаҟуеит». 23  Аха Иисус ажәакгьы леимҳәаӡеит. Усҟан иҵаҩцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Наҟ бца ҳәа лоумҳәо. Дааҟәымҵӡакәа дҵәыуо дҳашьҭоуп». 24  Иара иҳәеит: «Анцәа сзааишьҭыз иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа рзоуп, зегьы рзы акәӡам». 25  Аха лара Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгылан, диҳәеит: «Исықәиҭу, усыцхраа!» 26  Иара иҳәеит: «Ача ахәыҷқәа ирымхны, аласбақәа ируҭар иашаӡам». 27  Лара илҳәеит: «Иашоуп, Исықәиҭу. Аха аласбақәагьы аԥшәмацәа ирыцәкаԥсо ахәашақәа рымфои». 28  Усҟан Иисус ус леиҳәеит: «Уа бара аԥҳәыс, шаҟа иӷәӷәоузеи бхаҵара! Бгәы ишаҭаху иҟалааит». Убри аминуҭ азгьы лыԥҳа дыбзиахеит. 29  Уантәи Иисус Галилеиатәи амшын ахь дцеит, ахәы дхалан, уа даатәеит. 30  Аха ажәлар идеизалан, рчымазцәа ишьапаҿы ишьҭарҵеит, иаргьы урҭ ихәышәтәит. Уа иҟан ицыркьуаз, зхы иамыхәоз, илашәыз, иҿаҳаз, иара убас егьырҭ ачымазарақәа змаз. 31  Иҿаҳаз ацәажәара иалагеит, зхы иамыхәоз бзиахеит, изымныҟәоз аныҟәара иалагеит, илашәыз ирбо иҟалеит. Ауаа уи зегь анырба, даара иџьаршьеит, израильаа Рынцәа ирҳаракрагьы иалагеит. 32  Иисус иҵаҩцәа даарыԥхьан, ус реиҳәеит: «Арҭ ауаа рыцҳахеит, избанзар хымш ҵуеит исыцуижьҭеи, арахь ирфо ҳәа акгьы рымаӡам. Амла ишакуа аҩныҟа исышьҭыр сҭахӡам, амҩан рымчқәа каԥсар алшоит». 33  Аха иҵаҩцәа ирҳәеит: «Иабааҳго уаҩ дахьнымхо ари аҭыԥ аҿы арсҟаҩык ауаа ирҿаҳҵаша ача?» 34  Иисус дразҵааит: «Шаҟа ча шәымои?» — «Быжь-чаки ԥсыӡ ссақәаки», — рҳәеит дара. 35  Ажәлар ашьац илатәарц анреиҳәа ашьҭахь, 36  быжь-чаки аԥсыӡи иган, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иԥыҽҽны иҵаҩцәа ириҭеит, иҵаҩцәа ауаа ирырҭеит. 37  Зегьы рызхара рфеит. Ирзымфаз анеизырга, быжь-каҵкәыр дук рызна ҟалеит. 38  Акрызфаз 4 000-ҩык ахацәа ыҟан, аҳәсеи ахәыҷқәеи аламҵаӡакәа. 39  Нас Иисус ажәлар ауишьҭын, анышь дақәтәаны Магаданҟа дцеит.

Албаагақәа

Уи иаанаго аҵаҩцәа рнапқәа ҟьашьыҵәҟьан ҳәа акәӡам, уи иаанаго рнапқәа ауриатә ҵасқәа инарықәыршәаны иӡәӡәамызт ҳәа ауп.
Абырзен ажәа порне́иа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар.