2 Пиотр 1:1—21

  • Пиотр аԥсшәа иҳәоит (1)

  • Анцәа ишәиҭаз ааԥхьара шәаԥсаны шәаанхарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала (2—15)

    • «Шәхаҵара хашәырҭәаа» (5—9)

  • «Анцәа ииҳәаз зегь шынаӡо еиҳагьы агәра ҳгоит» (16—21)

1  Сара, Си́мон Пиотр, Иисус Христос имаҵуҩи иапостоли соуп. Ҳанцәеи Ҳаиқәырхаҩ Иисус Христоси риашара абзоурала ҳара иҳамоу зеиԥшыҟам ахаҵара аҩыза зырҳаз ишәзысыҩуеит. 2  Анцәеи Иҳақәиҭу Иисуси ирызку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа ахьшәымоу абзоурала Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи еиҳагьы ишәоуааит. 3  Ҳара ҳаазыԥхьаз ибзиоу Ҳанцәа ду изку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа ҳауит азы, гәык-ԥсыкала имаҵ уа ҳанхаларц азы иара имч ду ала иаҭаху зегь ҳаиҭеит. 4  Анцәа ахьӡ-аԥша имоуп, дқьиоуп. Иара зеиԥшыҟам агәыӷра ҳаҭәеишьеит, амаалықьцәа шәреиԥшханы, ихьӡ-иԥша ицеиҩышәшарц азы. Иара зеиԥшыҟам уи агәыӷра зҳаиҭаз агәаҳәара ҟьашьқәа ирхылҿиаауа аус хәымгақәа ахьаанҳажьыз азоуп. 5  Убри аҟынтә ишәылшо зегь ҟашәҵала, Анцәа ибзиоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟашәҵаларц азы, убри алагьы шәхаҵара хашәырҭәаа. Ишәылшо зегь ҟашәҵала, адыррақәа еизшәырҳаларц азы. 6  Адыррақәа аҽынкылара ала ихашәырҭәаа. Ишәылшо зегь ҟашәҵала, ачҳара аарԥшны зегь шәхыжәгаларц азы, Анцәа шәизиашаны шәаанхаларц азы. 7  Ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәашьцәа бзиа ижәбаларц азы, уи адагьы, ауаа зегь рахь абзиабара аашәырԥшларц азы. 8  Ус ҟашәҵалар, абарҭ аҟазшьақәагьы еизшәырҳалар, Иҳақәиҭу Иисус Христос изкны ишәоуз ииашоу, иҵаулоу адыррақәа инарықәыршәаны шәынхалоит, ашәыр зҿамло аҵлагьы шәеиԥшхаӡом. 9  Ус ҟазымҵо длашәуп, алашара имбарц азгьы илақәа аиркуеит. Иҟаиҵахьаз агәнаҳақәа шианажьугьы ихашҭит. 10  Сашьцәа, Анцәа шәара шәааиԥхьеит, шәагьалихит, убри аҟынтә анаҩсгьы ишәылшо зегь ҟашәҵала, уи ааԥхьара шәаԥсаны шәаанхарц азы. Абарҭ аҟазшьақәа еизшәырҳалар, шәхаҵара ахаангьы иԥсыҽхаӡом. 11  Уи адагьы, Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос наӡаӡатәи Иаҳра агәашәқәа ҟьаҟьаӡа ишәзаатуеит. 12  Убри азоуп шәара ари зегь шыжәдыруагьы, еилышәкааз аҵабырг агәра ганы шәшыҟоугьы, сара уи еснагь изышәгәаласыршәо. 13  Сара ари ацәеижь* сыманы сынхонаҵы, уи шәгәаларшәара уалны исыԥхьаӡоит, 14  избанзар издыруеит иаарласны ари сцәеижь шаансыжьуа, Иҳақәиҭу Иисус Христос уи сеилиркааит. 15  Сыҟанаҵы, исылшо зегь ҟасҵалоит, санцалак ашьҭахьгьы сажәақәа шәгәалашәаларц азы. 16  Иҳақәиҭу Иисус Христос имч аӡбахәи дшыхынҳәуа атәи анышәзеиҭаҳҳәоз, ауаа рхы иҭырҳәааз акәӡам ишәаҳҳәоз, избанзар ҳара ҳаблақәа рыла уи ихьӡ-иԥша ҳбон. 17  Иара Анцәа иҟынтә, Иаб иҟынтә, аҳаҭыри ахьӡ-аԥшеи иоуит, хьӡи-ԥшеи змоу Анцәа абас аниҳәа: «Ари бзиа избо, сыззыразу Сԥа иоуп». 18  Ажәҩан аҟынтә игаз урҭ ажәақәа иареи ҳареи иԥшьоу ашьхаҿы ҳаныҟаз иҳаҳаит. 19  Убри аҟынтә ҳара Анцәа ииҳәаз зегь шынаӡо еиҳагьы агәра ҳгоит. Ашара иалагаанӡа, шарԥыеҵәа цәырҵаанӡа, Анцәа ииҳәаз урҭ аԥааимбаражәақәа шәхы рзышәышьҭла. Шәгәаҿы урҭ аԥааимбаражәақәа алашьцараҿы илашо акәаҷаб иеиԥшзароуп. 20  Шәара ижәдыруеит Аҩыраҿы иану аԥааимбаражәақәа ауаҩы ииҳәаз ала ишҩым, 21  избанзар ауаа ахаангьы ԥааимбаражәакгьы рхы иҭырымҳәааӡацызт, дара иԥшьоу адоуҳа ишрыҵанаҳәоз еиԥш ауп Анцәа иажәақәа шырҳәоз.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ақьала».