АШӘА 132
Уажәшьҭа ҳара цәеижькны ҳаҟоуп
(Аҟазаара 2:23, 24)
-
1. Шьҭа ҳҭаацәароуп, бсиҭеит Ҳазшаз,
Цәеижькны ҳҟалеит иахьарнахыс ҳарҭ.
Бысҩызаз, мҩак бсыцаныла,
Шьаҟас бысзыҟала.
Сыблаҷыц еиԥш бысмыхьчари,
Ԥҟарас Ҳазшаз исиҭеит убри.
Сара сзы быхә ҳаракыми,
Зеиӷьыҟам боуп сгәыргьын.
Са быстәуп. Ԥсҭазаарак сыцеиҩша.
Ҳа ҳгәыблырагьы
Наунагӡа иааҳарԥшлап.
Иаҳҭеит Анцәа аҿаҭахьа.
Хынтә еикәиршеит ҳрахәыц уи иахьа.
О, шаҟа гәырӷьара ҳԥеиԥшуи!
Сыбзиабара боуп бара.
(Уахәаԥш иара убас Аҟаз. 29:18; Еккл. 4:9, 10; 1 Кор. 13:8.)