Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 137

Азиашара аазырԥшуа аҳәса

Азиашара аазырԥшуа аҳәса

(Римаа рахь 16:2)

  1. 1. Сарра, Есфирь, Ревекка, Руфь, Мариа —

    Аҳәса хазынақәа, ажәа ҟәышқәа зҿаз.

    Рус дуқәа ирымҳәои дшырҭахыз Ҳазшаз.

    Аҟазшьа ҟәымшәышәқәа иаадырԥшуаз — ҿырԥшуп.

    Ирацәоуп Анцәа изиашаз аҳәса.

    Рыхьыӡқәа ҳаздыруам, аха рхаҵара ӷәӷәоуп.

  2. 2. Аразреи, агәымшәареи, аҟәымшәышәреи —

    Ажәлар еснагь ҳаҭыр зқәырҵоз ҟазшьақәоуп.

    Зиашара злаз абарҭ аҳәса ҳхы иҭоуп,

    Урҭ ҳарҿыԥшуазар, ҳхаҵара иазҳауеит.

    Шаҟаҩгьы ҿырԥшыгои иахьа аиҳәшьцәа!

    Урҭ Анцәа изиашоуп, еснагь уи имаҵ руеит.

  3. 3. Ани, аԥҳаи, ҳа ҳаҳәшьцәеи, нас иагьеибоу,

    Шәгәырӷьо аус аҿы иалашәҵоит шәыхәҭа.

    Хӡыргара шәашьҭам, ицқьами шәа шәгәаҭа.

    Еснагь иӡырҩуа дырзыразуп Анцәа.

    Нас аԥсҭазаара шәҟәаҿы Иегова

    Шәыхьыӡқәа аниҵоит, ижәдыруз уи шәара.

(Уахәаԥш иара убас Флп. 4:3; 1 Тим. 2:9, 10; 1 Пиотр 3:4, 5.)