Агәыӷра зеиԥшыҟам аԥеиԥш азы
Аԥсҭазаара еиӷьхап ҳәа шәгәы иаанагома? Аӡәырҩы иахьа ауадаҩра ӷәӷәақәа ишрықәшәогьы, ргәы карыжьӡом. Иаԥсоума ҳаԥхьаҟа аамҭа бзиақәа ҟалоит ҳәа азыԥшра? Ааи! Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит зеиԥшыҟам аԥеиԥш зынӡа ишааигәоу.
Иарбан гәыӷроу Абиблиа иаҳнаҭо?
Иахьа ауаа ирацәаны ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аха Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит урҭ ауадаҩрақәа рҵыхәтәа шыԥҵәо. Абар ҿырԥштәқәак.
Ауадаҩра: ауаа иахьынхо рымаӡам
Абиблиа иаҳәо: «Ауаа аҩнқәа дыргылалоит, иагьынхалоит уаҟа» (Исаиа 65:21)
Ишыӡбахо. Дарбанзаалак ихатә ҩны имазаауеит.
Ауадаҩра: аусурҭа амамзаареи аӷарреи
Абиблиа иаҳәо: «Сара иалысхқәаз рнапала иҟарҵо гәахәарыла рхы иадырхәалоит» (Исаиа 65:22).
Ишыӡбахо. Дасу имазаауеит игәы иахәо, ихәарҭоу, алҵшәа змоу аусура.
Ауадаҩра: аиашамра
Абиблиа иаҳәо: «Аҳцәа аиашаразы амаҵ рулоит» (Исаиа 32:1).
Ишыӡбахо. Арасатә, асоциалтә, аекономикатә еиҟарамра уаҳа иҟалаӡом. Дарбанзаалак ауаҩы иашаралеи ҳаҭырлеи изныҟәалоит.
Ауадаҩра: афатә азымхареи амлакреи
Абиблиа иаҳәо: «Адгьыл аҿы ача барақьаҭны иҟалоит, ашьха ахықәцәангьы ирацәахоит» (Аԥсалом 72:16).
Ишыӡбахо. Ауаа зегьы афатә бзиеи афатә хааи рымазаауеит. Аӡәгьы амла дшакуа дышьҭалаӡом, зегьы ргәы ҭәызаауеит.
Ауадаҩра: ацәгьоуреи ақәымчреи
Абиблиа иаҳәо: «Дасу иӡахәеи илаҳаи рымҵан дтәазаауеит, урҭ зыршәо ҳәагьы аӡәгьы дҟалом» (Михеи 4:4).
Ишыӡбахо. Ауаа ҭынч инхалоит, избанзар ацәгьара ҟазҵо уаҳа иҟалаӡом. Адгьыл аҿы ауаа иашақәа рыда уаҳа аӡәгьы дынхалаӡом (Аԥсалом 37:10, 29).
Ауадаҩра: аибашьрақәа
Абиблиа иаҳәо: «Ажәларқәа аҳәа шьҭыхны еиҿагылаӡом, уаҳа аибашьышьагьы рҵалаӡом» (Исаиа 2:4).
Ишыӡбахо. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҭынчра ыҟазаауеит (Аԥсалом 72:7). Аибашьрақәа уаҳа иҟалаӡом, убри аҟынтә аӡәгьы дҭахаӡом, рҭынхацәагьы уаҳа иҵәыуалаӡом ма аибашьра иахҟьаны рыҩнқәа ныжьны ацара рықәшәаӡом.
Ауадаҩра: ачымазарақәа
Абиблиа иаҳәо: «Адгьыл иқәынхо рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы иҳәаӡом: „Сара сычмазаҩуп“» (Исаиа 33:24).
Ишыӡбахо. Еиуеиԥшым ачымазарақәеи аграқәеи уаҳа иҟалаӡом (Исаиа 35:5, 6). Абиблиаҿы иануп аԥсрагьы уаҳа ишыҟамло (Аатра 21:4).
Ауадаҩра: аԥсабаратә рыцҳарақәа
Абиблиа иаҳәо: «Ацәҳәыреи иҩоу адгьыли гәырӷьалоит, Иӡыдоу акаршәрагьы гәырӷьалоит, иччалоит, ашафран еиԥш ишәҭлоит» (Исаиа 35:1).
Ишыӡбахо Адгьыл зегь џьанаҭхоит. Адунеи аҿы Анцәа аханатә игәы ишҭеикыз еиԥш зегь ҟалоит (Аҟазаара 2:15; Исаиа 45:18).
Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра — баша иԥшӡоу лакәума?
Раԥхьа ус угәы иаанагар алшоит. Аха ҳара шәгәазҭаҳҵоит еиҳаны абиблиатә қәыргәыӷрақәа еилышәкаарц. Ишәнаҭозеи уи? Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷреи ауаа ҳзықәдыргәыӷуеи еиԥшӡам. Избанзар Абиблиаҿы иану зегь Анцәа иажәақәа роуп. Уи шьаҭанкыла зегь аԥсахуеит. Убри азы:
Анцәа агәрагара даԥсоуп. Абиблиаҿы иануп Анцәа амц изҳәаӡом ҳәа (Тит 1:2). Уи адагьы, Анцәа заҵәык иоуп издыруа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зеиԥшрахо (Исаиа 46:10). Абиблиаҿы Анцәа иажәа есымша ишынаӡо узырбо ирацәаны ахҭысқәа аагоуп. Еиҳаны аинформациа шәоур шәылшоит авидео «Иабантәиаадыруеи Абиблиа Анцәа иҟынтә шакәу?» аҟынтә.
Анцәа ҳауадаҩрақәа рыӡбаразы амч имоуп. Абиблиаҿы иануп Анцәа игәы иҭеикыз анагӡаразы амч шимоу (Аԥсалом 135:5, 6). Даҽакала иуҳәозар, Анцәа иажәа анагӡаразы аӡәгьы ма акагьы иԥырхагахар залшом. Уи адагьы Анцәа бзиа ҳаибоит, убри азы даараӡа иҭахуп дҳацхраарц (Иоанн 3:16).
Аха иҟалап, ишәызцәырҵуазар азҵаара: «Анцәа дҳацхраар иҭахызар, уи азы амчгьы имазар, избан нас, адунеи аҿы абас ауадаҩрақәа зырацәоу?» Шәызҵаара аҭак еилышәкаар шәылшоит, «Избан Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло?» ҳәа хьӡыс измоу авидео шәахәаԥшыр.
Изыбзоуроузеи уаҵәтәи аԥеиԥш?
Анцәа игәы иҭеикыз Аҳра — ажәҩан аҿы иҟоу аҳәынҭқарра — абзоурала инагӡоит. Анцәа уи Аҳра напхгаҩыс Иисус Христос дахаиргылеит, насгьы адгьыли ауааи дырхылаԥшларц идиҵеит. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ачымазцәа ихәышәтәуан, амла иакуаз акрырҿеиҵон, аԥсабаратә мчқәа еиқәиртәон, иԥсызгьы рыԥсы ҭеиҵон (Марк 4:39; 6:41—44; Лука 4:40; Иоанн 11:43, 44). Уи ала иааирԥшит Анцәа Иаҳраҿы Аҳас даныҟало иҟаиҵараны иҟоу.
Шәахәаԥш авидео «Изакәузеи Анцәа Иаҳра?», иара убас еиҳаны еилышәкаа Аҳра шәара шәзы иҟанаҵо.
Ианбааиуеи уаҵәтәи аԥеиԥш?
Иаарласны! Иабантәиҳдыруеи уи? Абиблиаҿы заа иҳәан иарбан хҭысқәоу Анцәа Иаҳра иаарласны адгьыл аҿы напхгара аура ишалаго узырбо (Лука 21:10, 11). Иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәеи Абиблиаҿы заа иҳәахьаз ахҭысқәеи еиқәшәоит.
Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит «Когда Царство Бога начнёт править землёй?» ҳәа хьӡыс измоу астатиаҿы.
Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аҟынтә иҳамоу агәыӷра уажәнатә?
Абиблиа зыҩуаз руаӡәк Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра аԥырсал иаҿирԥшит (Ауриацәа 6:19). Амш цәгьа аан аԥырсал аӷба шыннакыло еиԥш, Абиблиа иану ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку агәыӷра ҳзықәшәо ауадаҩрақәа риааира иҳацхраауеит. Уи агәыӷра ҳацхраауеит аҭынчра ахьчара, еилыкка ахәыцра, ҳгәабзиарагьы иазеиӷьуп (1 Фессалоникаа 5:8).