Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Избан ҳара ҳазгәаҟуа? Иҟалозеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь? Иҟаҵатәузеи аҭаацәараҿы анасыԥ аиуразы? Абиблиа аҵаразы ари ацхыраагӡа абарҭ реиԥш иҟоу азҵаарақәа рҭак аиура ишәыцхраауеит.
Игәы иҭеикзеи Анцәа ҳара ҳзы?
Иҟалап шәара шәҵаауазар, избан иахьа абриаҟара агәаҟрақәа зыҟоу ҳәа. Абиблиаҿы иҳәоуп Анцәа иаарласны агәаҟрақәеи, ачымазарақәеи, аԥсреи шықәиго.
АХЫ 1
Дызусҭада Анцәа?
Шәгәы ишԥаанаго, бзиа шәибома шәара Анцәа? Еилышәкаа иҟазшьақәа, насгьы уи шәиҩызахар шшәылшо.
АХЫ 2
Абиблиа Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭоуп
Ишԥашәыцхраар алшо Абиблиа шәзықәшәо ауадаҩрақәа рыӡбара? Избан уи иану аԥааимбаражәақәа рыгәра жәгар зшәылшо?
АХЫ 4
Дызусҭада Иисус Христос?
Еилышәкаа Иисус Мессиа шиакәу агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо, иара дахьынтәиааз, насгьы Иегова «Ихшаазаҵә» ҳәа зизҳәоу.
АХЫ 6
Иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?
Еилышәкаа Абиблиа иԥсхьоу ауаа рҭагылазаашьа, насгьы ауаа зыԥсуа иазкны иаҳәо.
АХЫ 7
Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!
Дышәцәыԥсхьоума шәара ишәзааигәоу ауаҩы? Шәеибабар шәылшома иареи шәареи еиҭа? Еилышәкаа Абиблиа аԥсҭалара иазкны иану.
АХЫ 8
Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
Аӡәырҩы ирдыруеит Иисус иҵаҩцәа ҿырԥшыс ирзынижьыз анцәаиҳәара. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа: «Иааиааит Уара Уԥсҳара»?
АХЫ 9
Иааигәоума адунеи аҵыхәтәа?
Еилышәкаа иааҳакәыршаны инхо ауаа рхымҩаԥгашьеи ргәазыҟашьеи Абиблиаҿы зыӡбахә ану аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳшынхо шышьақәнарӷәӷәо.
АХЫ 10
Амаалықьцәеи адемонцәеи ирызку аиаша
Абиблиаҿы иануп амаалықьцәеи адемонцәеи ирызку аиаша. Иҟаҵәҟьоума урҭ? Ирылшома дара ҳԥырхагахар, мамзаргьы иҳацхраар?
АХЫ 11
Избан адунеи гәаҟрала изҭәу?
Аӡәырҩы ргәы иаанагоит агәаҟрақәа зегь зхароу Анцәа иоуп ҳәа. Шәара шәгәы ишԥаанаго? Еилышәкаа агәаҟрақәа зыҟоу иазкны Анцәа ииҳәо.
АХЫ 12
Ишԥашәылшо Анцәеи шәареи шәеиҩызцәахар?
Иҳалшома ҳаԥсҭазаарала Иегова иргәырӷьара? Ааи. Уи инеиҳангьы, иареи ҳареи ҳаиҩызцәахар ҳалшоит.
АХЫ 13
Ҳамҭас ишәыҭоу аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишәшьала
Дышԥазыҟоу Анцәа имиц ахәыҷы даныршьуа, ашьа алаҵара, насгьы аԥстәқәа рыԥсҭазаара?
АХЫ 14
Шәҭаацәара насыԥ амазар алшоит
Иисус Христос хаҵеи-ԥҳәыси, аҭаацәеи, ахәыҷқәеи аҿырԥш бзиа риҭеит. Иаҳнарҵар алшозеи иара иҿырԥшы?
АХЫ 15
Ишәыцхраар алшозеи ииашоу адинхаҵара аԥшаара?
Шәааи еилҳаргап ииашоу адинхаҵара ныҟәызго злаудыруа ф-ҷыдарак.
АХЫ 16
Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш имаҵ жәула
Иарбан уадаҩрақәоу шәзықәшәар алшо зыгәра жәго егьырҭ ианырзеиҭашәҳәо? Ишԥаҟашәҵар шәылшо уи дара мыргәаакәа?
АХЫ 17
Ҳара Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит!
Дырзыӡырҩуама Анцәа шәара шәыҳәарақәа? Ари азҵаара аҭак шәоурц азы Абиблиа Анцәа иҳәара иазкны иану еилышәкаар ауп.
АХЫ 18
Сҽизыскрыма Анцәа, насгьы сыҽӡаасхрыма?
Иарбан шьаҿақәоу ауаҩы иҟаиҵар акәу, ақьырсиан иаҳасабала иҽӡааихырц азы? Еилышәкаа аӡӡаахра иаҵанакуа, насгьы уи шымҩаԥысуа.
АХЫ 19
Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә шәшьала
Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Анцәа бзиа дшаҳбо, насгьы иаҳзыҟаиҵо зегьы ахә шаҳшьо?
Ацҵа
Ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?» аҿы иуԥыло ажәақәеи аҳәоуқәеи рҵакы