Зықәрахь инеихьоу; ажәра
Иарбан уадаҩрақәоу ауаҩы иқәрахь даннеиуа дзықәшәо?
Аԥс 71:9; 90:10
Шәахәаԥш иара убас «Агәҭынчра» (ахеиҵа «Уанычмазаҩу ма уқәрахь уаннеихьоу»)
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
Ек 12:1—8. Соломон ауаҩы данажәлак дзықәшәо ауадаҩрақәа инықәырԥшны дрылацәажәеит, иаҳҳәап, ила цқьа иабаӡом («аԥенџьыр икылыԥшуагьы алашьцароуп ирбало»), насгьы илымҳа цқьа иаҳаӡом («ашәақәа рыбжьгьы аныхәыҷхо»).
-
Илшома ауаҩы данажәлак агәырӷьара имазар, уи иадҳәалоу ауадаҩрақәеи амчымхарақәеи шимоугьы?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1См 12:2, 23. Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Самуил еиликаауан шаҟа ихадоу ажәлар рзы Иегова иҳәара.
-
2См 19:31—39. Аҳ Давид зықәрахь инеихьаз Барзиллаи иааирԥшуаз азиашара ахә ишьон, убри аҟынтә Иерусалим аҳ иҩнаҭаҟны дынхаларц идигалеит. Барзиллаи ахынраалара аарԥшны уи мап ацәикит, избанзар еиликаауан уи шилымшоз.
-
Аԥс 71:9, 18. Давид дшәон данажәлак Иегова изы акгьы даԥсахом ҳәа, убри аҟынтә Анцәа диҳәон амч ииҭарц иара ишьҭахь инхало абиԥарақәа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара илшарц азы.
-
Лк 2:36—38. Иегова зықәрахь инеихьаз аԥҳәысеиба Анна гәыкала имаҵ ахьылуаз азы дылзылԥхеит.
-
Агәра шԥадирго Иегова зықәрахь инеихьоу рыхә шишьо?
Аԥс 92:12—14; Ажәм 16:31; 20:29; Иса 46:4; Тит 2:2—5
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аҟ 12:1—4. Авраам 75 шықәса анихыҵуаз Иегова уи иԥсҭазаара зегь зыԥсахыз адҵа ииҭеит.
-
Дан 10:11, 19; 12:13. 90 шықәса еиҳаны изхыҵуаз Даниил амаалықь дизааит. Иара зықәрахь инеихьаз уи аԥааимбар Анцәа изы акыр иаԥсоу ауаҩы ҳәа изиҳәеит, аҳамҭа шизыԥшугьы иеиҳәеит.
-
Лк 1:5—13. Захариеи Елизаветеи рықәрахь инеихьан, Иегова урҭ ҳамҭас аԥа Иоанн данриҭа.
-
Лк 2:25—35. Иегова зықәрахь инеихьаз Симеон аҳаҭыр ду иаҭәеишьеит — иара Мессиас иҟалараны иҟаз асаби дибеит. Симеон Иисус изкны аԥааимбаражәа иҳәеит.
-
Аус 7:23, 30—36. Моисеи 80 шықәса ихыҵуан Иегова уи ижәлар раԥхьагылаҩыс даныҟаиҵа.
-
Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу зықәрахь инеихьоу?
Алв 19:32; 1Тм 5:1
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аҟ 45:9—11; 47:12. Иосиф иӡбеит зықәрахь инеихьаз иаб Иаков иааигәара дынхаларц, аҵыхәтәанынӡагьы уи дихылаԥшуан.
-
Рф 1:14—17; 2:2, 17, 18, 23. Руфь зықәрахь инеихьаз ланхәа Ноеминь длыцхраауан, дылхылаԥшуан.
-
Ин 19:26, 27. Иисус иԥсра маҷк шагыз зегь реиҳа бзиа иибоз иҵаҩы Иоанн диҳәеит иан дылхылаԥшларц.
-
Ҳрыцхраалар шԥаҳалшо зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?